Арадио

Атуризм ахырхарҭаҿы ауадаҩрақәа рыӡбашьа шырбо

Sputnik
Рашәарамза 1 азы атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи аекскурсиатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аамҭа кьаҿла агидцәа разыҟаҵара, Аԥсны аҳәаанырцәуаа имҩаԥырго аекскурсиақәа, аҳәаанырцәтәиқәа реиԥш аҭыԥантәи аоператорцәеи иҟарҵо адемпинг уҳәа ирылацәажәеит. Уи аицәажәараҟынтәи алкаақәа, атуризм ахырхарҭа акыршықәса инеиԥынкыланы амаҵ азызуа ауаа рҿаԥхьа ицәырҵуа ауадаҩрақәа, урҭ рыӡбаразы ирбо амҩақәа арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит аекскурсиамҩаԥгаҩ-аметодист Форд Чычбеи атуристтә еилахәра "Елит-тур" анапхгаҩы Борис Саџьаҭиԥеи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.