Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Салаҟаиа агазеҭ "Гал" аҭыжьра иазкны

Sputnik
Араионтә газеҭ "Гал" актәи аномер ҭыҵит 30 шықәса раԥхьа, рашәара 4 1995 шықәсазы. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс хьанҭақәа раан, агазеҭ аҭыҵра иалагеит Владислав Арӡынба инапынҵала. Агазеҭ актәи аномер ҩ-даҟьакны иҟан, иҭыҵит 500 цыра. Агазеҭ "Гал" аизҳазыӷьара аамҭақәа раан аа-даҟьак аманы иркьыԥхьуан, тиражлагьы 1000 цыра ыҟан, мызкахьынтә ҩынтә иҭыҵуан, араиони атәылеи рыԥсҭазаашьа атәы аҳәон. Урҭ амҭақәа рзы ари агаӡеҭ аҭыҵра ҵакыс иамаз, акьыԥхьра иацыз ауадаҩрақәа, аус адызулоз, далацәажәеит агазеҭ "Гал" аредактор хада Нугзар Салаҟаиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.