Аԥсылманцәа рныҳәа хада: Кәырбан-баирам Аԥсны ишазгәарҭо

Sputnik
Кәырбан-Баирам, Аԥсны Кәырбанныҳәа ҳәа ирдыруа аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа ируакуп, аныҳәа азгәаҭара иалагоит рашәара 6 ауха, ихдыркәшоит рашәара 7 руха.
Аныҳәа Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара иазкуп. Ажәа "кәырбан" арабшьаҭа амоуп, иаанагоит азааигәахара. Аныҳәаан аԥсаҭатәҟаҵарала аллаҳ изааигәахара ауп ҳәа иршьоит. Аныҳәа иахәҭаку ԥсаҭатәыс иҟауҵар ҟалоит: ажәқәа, ацәқәа, акамбашьқәа, ауасақәа, ма аџьмақәа.
Кәырбан-баирам, ма Кәырбанныҳәа, ԥсылман ныҳәоуп, ахаџьра ахыркәшара ианыҳәоуп. Иазгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала Зуль-Хиџьа 10-тәи амш аҽны, Ибраҳим икәырбан иқәхра иагәаларшәаганы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит.
1 / 9

Кәырбан-Баирам- аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа ируакуп

2 / 9

Аҟәа аџьаамаҿы шьыжьнаҵы имҩаԥыргеит Кәырбанныҳәа иазку анамаз, абжьагажәа иаԥхьеит.

3 / 9

Кәырбанныҳәа-ахаџьра ахыркәшара ианыҳәоуп.

4 / 9

Аныҳәа Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара иазкуп.

5 / 9

Ажәа "кәырбан" арабшьаҭа амоуп, иаанагоит азааигәахара.

6 / 9

Иазгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала Зуль-Хиџьа 10-тәи амш аҽны, Ибраҳим икәырбан иқәхра иагәаларшәаганы.

7 / 9

Анамаз ркуеит хәыҷи-дуи.

8 / 9

Акәац х-хәҭакны еихыршоит: хәҭак агәаҟцәа ирырҭоит, аҩбатәи ахәҭа иалхны ауацәа, агәылацәа, аҩызцәа рзы ачыс ҟарҵоит, ахԥатәи ахәҭа аԥсылман ихазы инижьыр илшоит.

9 / 9

Кәырбан-Баирам (Кәырбанныҳәа) – ари аԥсаҭатә ҟаҵара мацара адагьы, адоуҳатә акзаареи, агәразреи аицхыраареи ирымшуп.