АҞӘА, рашәара 6 — Sputnik. Аԥсны ахәаахәҭра-цәыргақәҵатә центр аартхоит ВДНХ апавилион №6 аҿы, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва ахада Сергеи Собианин.
"Уаҟа атәыла аҭоурых, акультура, аихьӡарақәа ирызку аекспозициақәа, иара убас амилаҭ чысхкқәа рқьафурҭа ҟалоит", — иҳәеит иара.
Апавилион №6 "Химиа" (ԥасатәи — Литватәи ССР) ааигәа еиҭашьақәыргылан.
Архивтә ҭыхымҭақәеи афотосахьақәеи рыла аҟазауаа аскульптура "Литватәи ССР агерб зку аколынхаҩи аколынхаҩԥҳәыси" еиҭашьақәдыргылеит. Иара убас еиҭаҟаҵан иӡхьаз аԥштәырацәара змаз авитражқәа хԥа.
2014 шықәса инаркны ВДНХ аҿы иҟоу акультуратә ҭынха иаҵанакуа 40 хыбра реиҭашьақәыргылара хыркәшахеит.