АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аԥсны Қырҭтәылаҟа архынҳәра иазку ахәыцрақәа “ифантом хьаақәоуп" ҳәа иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Уи инациҵеит, зыхшыҩ акреилнакаауа ақырҭуа политикцәак уажәнатә еилыркаауеит Аԥсны шымхынҳәуа, аха уи рыбжьы ҭыганы ирызҳәом. Уимоу, урҭ рҟынтәи шьоукы аҭамзаара ашьҭаҵареи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи дареи реизыҟазаашьақәа реиӷьтәреи ишазхиоу рҳәоит.
"Аха, урҭ баша ҳәамҭақәаны иаанымхарц азы, ҳара апрактикахь ҳаиасроуп – ииашаҵәҟьоу ашьаҿақәа рахь. Ас еиԥш ашьаҿа, иаҳҳәап, амч ахархәара мап ацәкразы азакәантә еиқәшаҳаҭра адкылара акәзар ауеит", – ҳәа иазгәеиҭеит Барцыц, РИА Новости ириҭаз аинтервиу аҿы.