Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа иааиуа ашықәсаз иахыҵуеит 70 шықәса. Абарҭ ашықәсқәа зегьы аҵараиурҭа жәлар рыкәашареи, рмилаҭтә рҳәагақәеи рыла еиҵагыло абиԥара аҟазара рыларааӡоит. Сынтәа шаҟаҩы астудентцәа аунашьҭуада, иҟоу ҩ-хырхарҭак рҟынтә еиҳа аԥыжәара зырҭо, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҳәынҭқарартә – культуратә ҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа.
Анаҩс Аҟәа араион аҵараҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа дазааҭгылеит араионтә абжьаратә школ аушьҭымҭацәа рыла иабанӡабеиоу сынтәа, урҭ еихьӡарақәас ирымоу, аԥышәарақәа шцо, уадаҩрақәас иҟоу араионтә школқәа рҿы.
Шәырзыӡырҩы аицәажәарақәа.