Аԥсны

Рашәарамза 9–15 рызтәи Аԥсны акультуратә афиша

Sputnik

Пицундатәи ауахәама

Рашәарамза 13, 15 асааҭ 17:00 – Лука Гаделиа иуарӷантә концертқәа.
Рашәарамза 9 асааҭ 17:00 – ауарӷанарҳәаҩы Сергеи Будкеев, аԥсуа артистцәа Нана Черқьезиа, Асҭанда Џьыкырба руарӷан-вокалтә концерт.

Аԥсуа драмтеатр

Рашәарамза 9, 10 асааҭ 19:00 – аспектакль "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп" аԥхьарбара. Арежиссиор – Мадина Аргәын.
Рашәарамза 13 асааҭ 19:00 – аспектакль "Аншьа Ваниа". Арежиссиор – Бенар Ақаҩба.

РУСДРАМ

Рашәарамза 9-13 асааҭ 19:00 рзы аспектакльқәа:
"Мама". Арежиссиор – Евгени Закиров.
"Шәышықәса азаҵәра" – Мариа Романова.
"Апримадоннацәа" – Сергеи Ефремов.
"Евгени Онегин" – Сергеи Ефремов.
"Софичка" – Елена Одинцова.

Ацәыргақәҵақәа

Рашәарамза 15-нӡа – Аҟәа The Wall Gallery аҿы Игорь Панченко ицәыргақәҵа.
Рашәарамза нҵәаанӡа – Амилаҭтә библиотекаҿы ацәыргақәҵа "Аиааира акино".
Ԥхынгәымза нҵәаанӡа – Гәдоуҭа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҿы Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа "Ҳаеҵәахә".