АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Сҭампылтәи аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны Украина иҭҟәаны ирымаз 25 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз урыстәылатәи аруаа аԥхьатәи ргәыԥ ырхынҳәуп, ҳәа аанацҳаит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урҭ рцынхәрас ирыҭоуп еимырдаз атҟәацәа рхыԥхьаӡара иашьашәалоу украинатәи аруаа.
Украина итҟәаны ирымаз урыстәылатәи аруаа рырхынҳәра шыҟалаз акьыԥхьит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылаҟа ирхынҳәыз атҟәацәа арра-транспорттә авиациа аҳаирпланқәа рыла Москваҟа иаагоуп Атәылахьчара аминистрра агоспитальқәа рҿы рҽыхәшәтәреи ргәабзиара ашьақәыргылареи рзы.