Урыстәыла

Урыстәыла Киев анапхгара аҵаҟа иҟаз урыстәылатәи аруаа аҩбатәи ргәыԥ дырхынҳәит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Урыстәыла Киев анапхгара аҵаҟа иҟоу адгьылҵакыра аҟнытәи урыстәылатәи аруаа аҩбатәи ргәыԥ дырхынҳәит.
Урҭ рцынхәрас Украина Арбџьармчқәа иатәу арратә тҟәаҩцәа ырхынҳуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Уажәазы ​​Урыстәыла аруаа Белоруссиа иҟоуп, иаарласны Урыстәылаҟа игахоит рыхәшәтәреи рреабилитациеи рзы.
Атҟәацәа реиҭныԥсахларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит рашәара 2 рзы Сҭамԥыл ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа раан.