Арадио

Аҿар ртеатр аусура аиӷьтәразы иӡбатәу азҵаарақәа

Sputnik
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр акультура аминистр иԥылараан излацәажәоз, иарбан зҵаарақәоу изыргәамҵуа, шықәсык иалагӡаны шаҟа спектакль ықәдыргылар рылшо, уи азы иарбан ҭагылазаашьоу, хымԥада иаҭахны иҟоу, насгьы атеатр аҵыхәтәантәи ҩба -хԥа шықәса рыҩныҵҟа актиорцәа реилазаара иацлама, ауниверситет аушьҭымҭацәа абанӡааднаԥхьало, арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.