Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа сынтәатәи аҵарашықәс хыркәшоуп. Уи аушьҭымҭацәа афицарцәа шьҭа 25 шықәса раахижьҭеи традициала адипломқәа ранаршьоит Аҟәа Ахьӡ- аԥша апарк аҿы, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан. Шаҟаҩы рыла аԥсуа ар хаҭәаахаз сынтәа, ишԥаҟаз акурсантцәа рзы аҵара, насгьы иааиуа аҵарашыкәс ҿыц азы арзаҳалқәа рыдкылара ианалаго еилаҳкаауан. Уи азы астудиахь иааԥхьан Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Алмас Адлеиба, аҵараиурҭа аушьҭымҭа, алеитенант Денис Ҳалуашь.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.