АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы 2025 шықәсазтәи апрограмма алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.
Араион абиуџьет аҟынтәи 3 млн мааҭк азоужьуп шықәсы рацәала изызҳауа аҵиаақәа реиҭаҳаразы апрограмма анагӡаразы.
Арзаҳал алазҵо апроект иаазыркьаҿу ахҳәаа аиҭароуп, иара убас адгьыл анализи егьырҭ иахәҭоу ашәҟәқәеи ациҵароуп. Аҟәа араион инхо роуп ари апрограмма алахәхаразы азин змоу. Арзаҳалқәа рыдыркылоит рашәарамза 30 рҟынӡа.
"Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы" апрограмма аус ауеит 2021 шықәса раахыс. 2024 шықәсазы апрограмма анагӡаразы иазоужьын 3,5 млн мааҭ.