Аԥсны

Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа атәанчахәы роулоит акарта ПСБ ахь мацара

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа атәанчахәы роулоит акарта ПСБ ахь мацара, абри атәы аанацҳауеит абанк апресс-маҵзура.
Атәанчахәқәа ПСБ акартақәа рахь мацара ахыԥхьаӡалара аԥҟарақәа рҽырыԥсахуеит нанҳәамза инаркны. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо атәанчаҩцәа ПСБ акарта аиуразы заанаҵы иманшәалоу аамҭа алхны рыҽҭарҩыр рылшоит, хәыда-ԥсадатәи аҭел ала. Иара убас ареспублика иахьаҵанакуа иаарту Аԥсны Аҵәахбанк аҟәшақәа 12 иадҵаалар рылшоит.
Иахьыҟоу аҭыӡҭыԥқәа ахсаалаҿы иарбоуп.
Зныҟәара ԥку атәылауаа рахь агәыԥ ҷыда есыҽны акартақәа рызнаргоит, амҽыша ада.
Аԥсны иҭыҵуа адебеттә тәанчаҩхәытә карта ПСБ Урыстәыла иҭыҵуа аиԥш зеиԥшу акартақәа рылшарақәа зегьы амоуп.