Аԥсны

Аԥсны инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа 19 нызқьҩык инареиҳаны ПСБ акарточкақәа роуит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа 19 нызқьҩык инареиҳаны ПСБ акарточкақәа роуит мшаԥымза 18 раахыс.
Нанҳәамза инаркны атәанчахәқәа ПСБ акартақәа рахь мацара иахырыԥхьаӡалалоит.
Аԥсны инхоит 20 нызқьҩык инареиҳаны урыстәылатәи атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа. Урыстәылатәи абанки аԥсуа гани еиқәшаҳаҭны Аԥсны иқәынхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа абанктә карточкақәа рыҭара еиҿнакааит.