Урыстәыла

Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура иалагеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Иахьа Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы аусура иалагеит Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум.
20 нызқьҩык инареиҳаны 140 тәыла, Евразиатәи аекономикатә еидгыла, Ихьыԥшым атәылақәа реидгыла, БРИКС, АСЕАН, Африка, Мрагылара Ааигәа, Латинтәи Америка уҳәа ртәылақәа уахь иналаҵаны, рхаҭарнакцәа аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит.
Урыстәыла
Адунеи атәылақәа 50 рҟынтәи аполитикатә усзуҩцәа алахәхоит Петербургтәи аекономикатә форум
Апрограммаҿы иҟоуп 150 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа. Рашәарамза 20 рзы апленартә еилатәараан дықәгылоит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум рашәарамза 18-21 рзы имҩаԥысуеит. Афорум атема хада — "Азеиԥш мазара — аполиаррацәатә дунеи аизҳара ашьаҭа".