Арадио

Атуризм азы арт- школ "Аԥсны амаршрутқәа" мҩаԥысуеит Ҟрым

Sputnik
Атуризм азы арт-школ "Аԥсны амаршрутқәа" мҩаԥысуеит рашәарамза 22 инаркны 28 рҟынӡа Ҟрым иҟоу ақалақь Судак аҿы. Азҿлымҳара змоу аԥышәа ҿыц аиуразы рыҽҭарҩит хыԥхьаӡара рацәала аҿар. Дара арт-школаҿы ирзыԥшу апрограммеи, алахәхаразы алшара заузи, ралԥшаара шымҩаԥысуази далацәажәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ - амаӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-османоӷлы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.