Лабра ақыҭан урыстәылатәи альготатә кредит аҭара апрограммала зыргылара иаҿу ахш зауад иаҭааны ирбеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач напхгара зиҭо Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа Аԥсны рыҟазааран. Азауад аҿы ахшлых ахкқәа зегьы ҭрыжьлоит – ахш, ахарҵәы, еиуеиԥшым ашә хкқәа, аиогуртқәа, ахҷаҭ. Атәыла ауааԥсыра ианбароуа аҭыԥантәи аалыҵ аахәаразы алшара? Амҽхак зеиԥшрахозеи азауад иҭнажьло аалыҵ? Маҭәахәыла азауад аиқәыршәара абанӡанеихьоу? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак ҟаиҵеит азауад аиҳабцәа иреиуоу Баҭал Ӡаԥшьба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.