Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи Киеви атҟәацәа еимырдеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Киев анапхгара аҵаҟа иҟоу адгьылҵакыра аҟынтәи урыстәылатәи аруаа Урыстәылаҟа ирхынҳәуп сҭампылтәи аиҿцәажәарақәа инарықәыршәаны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урҭ рцынхәрас Украина Арбџьармчқәа иатәу арратә тҟәаҩцәа ырхынҳәуп.
Уажәазы ​​урыстәылатәи аруаа Беларусь иҟоуп, дара уаҟа аспихологиатәии амедицинатәии цхыраара рырҭоит.