АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. 6,3 трлн мааҭ зыхә ыҟоу 1060 еиқәшаҳаҭра напы рыҵаҩуп Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҟны, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит афорум аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Антон Кобиаков.
Иара убас имҩаԥган хадара зуа атәылақәа рхаҭарнакцәа злахәыз 24 бизнес-еиҿцәажәарақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәылеи-Америкеи рдиалог иҳәеит иара.
ПЖәАФ мҩаԥысуеит рашәарамза 18 инаркны 21 рҟынӡа. Уи тема хадас иамоуп "Азеиԥш ҵакқәа – аполиаррацәатә дунеи аҿы аизҳара ашьаҭа".
Аусутә программа шьақәгылоуп ихадоу ԥшь-хырхарҭак рыла: "Аекономика аҿиара: аизҳаразы аиқәыршәара", "Атехнологиақәа: аԥхьагыларазы аҽазышәара", "Аԥсҭазааразы аҳәаақәа", "Ауаҩы адунеи ҿыц аҿы".