Арадио

Аҟәа аԥышәаратә режим ала атуристтә милициа аусура иалагоит

Sputnik
Аҟәа аԥышәаратә режим ала атуристтә милициа аусура иалагоит. Ас еиԥш аҭахра ыҟоуп есышықәса зхыԥхьаӡара иацло аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аиҿкааразы ҳәа азгәарҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. Амилициа ашкол аҟны еиҿкаау атуристтә милициа агәыԥ аусушьа , рнапынҵақәа реихшашьа, аиԥш-зеиԥшу жәларбжьаратәи аԥышәа иамоу алҵшәақәа уҳәа, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Амилициа иреиҳау ашкол аиҳабы, аподполковник Игор Базильски.
Шәазыӡырҩы аицәажәара хыхь аудиофаил аҟны.