Аԥсны атәылауаа аррамаҵзура иахысразы азакәан аҿы ишарбоу ала шықәсык ҩынтә ааԥхьара ҟарҵоит - мшаԥы инаркны рашәарамзанӡа, анаҩс жьҭаарамзазы. Аррамаҵзура ахысразы сынтәатәи ааԥхьара алҵшәақәа зеиԥшроу, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аиҭакрақәа убарҭоума, аҿар аӡәырҩы руалԥшьа изацәхьаҵуа, аррамаҵзура ахысра пату ақәзарц иҟаҵатәу, уҳәа азҵаарақәа ирызкны арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аԥсны Ареспублика арратә комиссар ихаҭыԥуаҩ Русҭам Ҵәыџьба.
Шәазыӡырҩы аудио.