Аурыс атуроператорцәа Тҟәарчал арадонтә ӡқәеи аӡхыҽҽақәеи ирҭааит

Sputnik
Атуризм аминистрра Урыстәыла иреиҳау атуроператорцәа рнапхгаҩцәа рзы Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рахь ардырратә тур мҩаԥнагеит. Дара иддырбеит Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа атуристтәии аинвестициатәи лшарақәас ирымоу. Изҭааз аобиектқәа иреиуоуп Тҟәарчал араион аҿы иҟоу арадонтә ӡқәеи аӡхыҽҽақәеи. Урыстәылатәи рколлегацәа ари аобиект апатенциал хәшьарас иарҭо, насгьы аусура аиӷьтәразы иҟаҵатәу ҳәа гәаанагарас ирымоу атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит анаплакҩы Арлан Какәбаа.
Шәазыӡырҩы аудио.