Урыстәыла

Путин аҳәаанырцәтәи агентцәа ахараԥса рықәҵаразы азакәан инапы аҵаиҩит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла Аиустициа аминистрра аҭахрақәа рықәымныҟәаразы аҳәаанырцәтәи агентцәа ахараԥса рықәҵаразы азакәан инапы аҵаиҩит.
Аусшәҟә аҭакԥхықәра адҵаразы латәарадагьы алшара азгәанаҭоит аилагарақәа Урыстәыла анҭыҵ иҟаҵазар.
Ишьақәыргылоу ахараԥсақәа:
30 инаркны 50 нызқь мааҭ рҟынӡа атәылауаа рзы,
100 нызқь инаркны 300 нызқь рҟынӡа — амаҵзурауаа рзы,
300 нызқь инаркны 500 нызқь рҟынӡа — аиурист хаҿқәа рзы.