9 шықәса ҵуеит Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь амшныҳәа азгәарҭоижьҭеи. Уи хацыркын Аҟәа 2500 шықәса ахыҵразы Аԥсуа музеи аҟны имҩаԥгаз анаука-практикатә конференциаҟны. Уаҟа ишьақәдырӷәӷәеит ақалақь амш ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы имҩаԥгалазарц. Сынтәа Аҟәа ақалақь амшныҳәа азгәаҭахоит ԥхынӷәы 5 рзы. Апрограмма шеиҿкаахо, иахьымҩаԥырго атәы еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.