Аԥсны

Ахәыҷқәа рзы аомбудсмен 2025 шықәса актәи азбжазтәи аҳасабырба ҟалҵеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Ахәыҷқәа рзы аомбудсмен иусбарҭаҿы иҟоу адырраҭара-абжьгаратә маҵзура 2025 ашықәс азбжазы 37 зыҳәа аиуит ҳәа азгәалҭеит аусбарҭа азиндырыҩ Екатерина Лиаховецкаиа.
Азҵаарақәа аиҳарак абарҭ ахырхарҭақәа ирыҵаркуан:
алиментқәа рзы ауалԥшьақәа,
асоциалтәи атәанчахәтәи еиқәыршәара рызҵаарақәа,
аҭаацәара-бзазаратәқәа,
аҵарадырра азҵаарақәа.

"Азыҳәаҩцәа реиҳарак зхала иҟоу анацәа, ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа, иара убасгьы иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьаҿы ахәыҷқәа зааӡо рыуацәа роуп", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Еиҳарак Аҟәеи Гагреи араионқәа рҟынтәи акәын аҭел ишасуаз.
Аԥсны
Аилацәажәара-еилыркаагатә маҵзура аартуп Ахәыҷқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иаппарат аҟны