Аԥсны

Ханты-Мансиискынтәи раԥхьаӡа акәны аҳаирплан ааит Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь

Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Ханты-Мансииск – Саратов – Аҟәа рыбжьара раԥхьатәи аҳаирплан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҿы итәеит.
Аҳаиртә еилахәыра "РусЛаин" иахьа инаркны Ханты-Мансииск – Саратов – Аҟәа – Саратов – Ханты-Мансииск амаршрут ала аԥырра иалагоит. 50 ҭыҧ змоу аҳаирпланқәа рыла аҳаиртә ԥыррақәа мҩаԥгахоит мчыбжьык ахь ҩынтә – аҩашалеи асабшалеи ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза анҵәамҭанӡа.
Амаршрут ҿыц ала раԥхьаӡа акәны иааз ишаԥу еиԥш аӡы ақәҭәаны иаԥылеит.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аадыртит лаҵарамза 1 азы 30 шықәса рышьҭахь. Раԥхьатәи апассаџьырцәа дырԥылеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои.