Аԥсны

Кәтол ақыҭа ахадара ахыбра еиҭашьақәыргылахоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Кәтол ақыҭа ахадара ахыбра еиҭашьақәыргылахоит, уи азы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 10 млн мааҭк азоужьхоит.
Аиҭашьақәыргыларақәа аԥшьигахьан 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Апарламент аҟны иршьыз адепутат Вахтанг Гәаланӡиа.
Ахыбра адәахьтәи аҿаԥшыларазы аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь, аҩнуҵҟатәи ауадақәа реиҭашьақәыргылара иалагоит, ақыҭауаа реизарақәа рымҩаԥгаразы акттә зал иаҭаху ала еиқәыршәахоит ҳәа аҳәоит Аԥсуа ателехәаԥшра адырраҭара.