Аиҿцәажәараҿы лара еиҭалҳәеит, лыԥсҭазаара ақыҭа ишадылҳәалаз, иазгәалҭеит, иахьа лхәыҷқәа рааӡараҿы даӡәыкны дшыҟоугьы, иахьынӡалылшо аԥсуа ҵасқәа дырдырра лара лзы ихадароу ак акәны ишыҟоу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.