Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа иалгаз аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәа ранашьоуп, рҵара хыркәшаны рыҩныҟақәа рахь игьежьит. Аспециалистцәа рԥышәа рхы иахьадырхәо аусурҭа ҭыԥ рыԥшаахьоума, ироуз адыррақәа еиҳагьы реизырҳара иабанӡашьҭоу, насгьы арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Аԥснынтәи Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭаланы иалгаз рхыԥхьаӡара абанӡанаӡо? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рылацәажәаразы арадио Sputnik астудиахь ааԥхьара рыҭан АҶА жәларбжьаратәи аусеиҿкаареи аԥкаанҵеи рыҟәша аиҳабы Лана Коӷониаԥҳаи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра академиа аушьҭымҭа Ерик Кәыҵниеи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.