АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Шәача аплиажқәа рҿы аамҭала аӡҭалара ԥкуп амшынеисра иахҟьаны, аԥшацәгьақәа рышьақәгылараз ашәарҭара ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит акурорт анапхгара апресс-маҵзура.
"Ҭыԥқәак рҿы ацәқәырԥақәа рыҩаӡара ҩ-метрак инаӡоит", — ҳәа арбоуп адырраҭараҿы.
Акурорт аиҳабы Андреи Прошунин идҵала амаҵзурақәа зегьы ргәы рҽанҵоуп.
Ақалақь анапхгара Шәача ауааԥсыреи асасцәеи аамҭалатәи аԥкрақәа раан аӡы азааигәара аԥсшьара рҽацәырыхьчарц абжьгарақәа ҟарҵоит.