Арадио

Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит

Sputnik
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт - кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны амилаҭтә символқәа рыла идырԥшӡеит. Асахьақәа рҿы иаарԥшуп Нарҭаа репос афырхацәа, аҳәынҭқарратә герби абираҟи релементқәа. Аҩны дырԥшӡеит - Гарик Асланиан, Викториа Ҭаниа, Сантана Оҭырба. Арадио Sputnik аефир аҟны Викториа Ҭаниа еиҭалҳәеит ари аус ишазнеиз, аԥсҭазаара ишаладырҵәаз.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.