Агәыҳалалратә фонд "Амилаҭтә ҵарадырра аҿиара аинститут" аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә-класс мҩаԥнагеит.Афонд аԥҵаҩцәа ируаӡәку Кама Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, аиԥылара рхы аладырхәит ҩажәаҩык инареиҳаны. Урҭ рзы аҟазаратә-класс мҩаԥыргеит хышықәса инарзынаԥшуа ашкол аҿы аинновациатә рҵаратә методқәа зхы иазырхәо арҵаҩцәа: аҭоурых арҵаҩы Русудан Хышԥҳа, англыз бызшәа арҵаҩы Илона Бжьаниаԥҳа, аматематика арҵаҩы Ахра Харчлаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.