Урыстәыла

Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа Петербург ақалақь аҿы атеррористтә акт аԥдырҟәҟәааит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа Петербург ақалақь аҿы атеррористтә акт аԥдырҟәҟәааит.
Авидео аҿы 23 шықәса зхыҵуа аԥҳәызба атәылахьчаратә наплакы аусзуҩы имашьына ахалаҟаҵаратә рҭҟәацга шаҵалҵо.
Лара ацәгьоура амҩаԥгара аҭыԥ аҿы даанкылан. Аԥҳәызба лҿы лықәшаҳаҭхеит украинатәи иҷыдоу амаҵзурақәа адҵа шлырҭаз, Европа атәылақәа руак аҿы атәылауаҩра аиуразы.
"Сара исарҳәеит абри амашьына иашьклаԥштәуп, нас аԥара баҳҭоит ҳәа. Амашьына маҭәахәык аҵаҵара сҽазысшәеит", — лҳәеит лара.