Адунеи аҟны ижәытәӡатәиу ақалақьқәа ируаку Аҟәа иахыҵит 2509 шықәса.
Ажәтәӡатәи ажәабжьқәа изларҳәо ала, Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы иҟоу ақалақь ашьаҭа ркит аргонавтцәа, аишьцәа-диоскураа Кастори Полидевки, дара ахьтәы уасцәа аԥшаара ашьҭахь рыҩныҟа ахынҳәра рҭахымхеит.
Аҳҭнықалақь ахадара аныҳәа азгәаҭараз иазнархиеит акультуратәи арлахҿыхратәи аусмҩаԥгатәқәа рацәаны.