Арадио

Археологиатә жрақәа раамҭа ааигәахеит: иҭырҵаалозеи сынтәа аҵарауаа

Sputnik
Ес-ԥхынра ҳтәылаҿы археологиатә жрақәа мҩаԥыргоит уи аус иазҟазоу. Аиҳарак аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Очамчыра, Аҟәа нас Гәдоуҭа араионқәа рҿы. Сынтәа ианбахацыркхои аекспедициақәа, насгьы урҭ рымҩаԥгара ашоурақәа раамҭа изақәшәои, аԥшаарақәа реиҿкаара ус имариоума, иарбан цхыраароу аҭоурыхтә артефактқәа зыԥшаауа ирҭаху, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, археолог, Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркадии Џьопуа.
Шәазыӡырҩы аудио.