Аиҩызара ацҳа: Очамчыра аусура иалагеит ахәыҷтәы лагерь

Sputnik
Очамчыра ашкол-интернат аҿы аус ауеит жәларбжьаратәи ахәыҷтәы лагерь. Ишԥашьақәгылоу апрограмма, шаҟа аамҭа имҩаԥыслои алагерь, зныктәи адкылараан агәыԥ шаҟаҩык аднаԥхьаларц алшои, насгьы ашколхәыҷқәа рхы шԥаадырԥшуеи ирзеиҿкаау арҵара- ԥсшьаратә аамҭаан, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит алагерь напхгара азызуа, Аԥсны аҵара аминистрра аспециалист хада Асҭанда Ҷолокәуаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.