АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Аҟәеи Москвеи Алиса Гыцԥҳа лнапхгарала жәларбжьаратәи амузыкатә конкурс-лабораториахь арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.
Апроект 18 шықәса инаркны 45 рҟынӡа зхыҵуа арҿиаҩцәа қәыԥшцәа рыцхраара иазырхоуп. Аконкурс алахәылацәа х-номинациак рыла аҟазара-классқәеи аконкурстә етапқәеи рхы аладырхәуеит: аоператә хкынагӡаразы ашәаҳәара, акамертә вокалтә нагӡара, аккомпанемент аҟазара.
Иреиӷьқәоу алабораториа агала-концертқәа рҿы иқәгылоит. Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббрамза 30 рҟынӡа.
Аусмҩаԥгатә адгылара арҭоит акультуратә хаԥшьгарақәа рзы Урыстәыла Ахада ифонди Аԥсны Аиҳабыреи.