АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба Урыстәыла аенергетика аминистрраҿы имҩаԥысыз аилатәара ихы алаирхәит.
Урыстәылатәи иколлегацәеи иареи реиԥылараҿы ҩганктәи аусеицура актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Аԥснытәи аделегациа аилазаара иалахәын иара убас АУН "Амшынеиқафымцамч" ахаҭарнакцәа.
Уаанӡа "РусГидро" аспециалистцәа Аԥсны иҟоу аӡхыҽҽатә станциақәа ҭырҵааит. Агәаҭарақәа ԥшьымш ицон, уи алҵшәақәа рыла аҳасабырба ҟаҵахоит.