АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Аԥснытәи акурсантцәа "Афырхацәа қәыԥшцәа раамҭа" захьӡу асменаҿы актәи аҭыԥқәа хәба ааныркылеит.
Аицлабра Аладатәи Афедералтә Округ арра-патриоттә хәмарра "Зарница 2.0" араионтә етап аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра.
Арԥарцәа абаҩрҵәыратә, амцарцәаратә, амедицинатә зыҟаҵарақәа рҿы аицлабрақәа рҿы иалкаахеит. Дара иара убас аҩбатәи аҭыԥқәа ҩба, ахԥатәи ҭыԥкргеит, абаҩхатәразы аконкурс аҿы ахьтәы медал ранашьан.
Авзвод 10-ҩык аҵаҩцәа алан: ашкол-интернат аҟынтә ааҩык, Аҟәатәи ашколқәа №11, №15 рҟынтәи аӡәаӡәа. Аԥснытәи акоманда раԥхьаӡа акәны арҭ ахәмаррақәа ирылахәын.