Аԥсны

Ковач ихьӡ зху аҟазара школ аҿы арахәыцтә инструментқәа рремонт азы аҟазара-класс мҩаԥган

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Ковач ихьӡ зху аҟазаратә школ аҿы Нижни Новгородынтәи арахәыцтә инструментқәа реиҭашьақәыргылаҩ Михаил Баранов аҟазара-класс мҩаԥигеит.

"Ҳара арахәыцтә инструментқәеи, апианиноқәеи, ароиальқәеи рганахьала апроблемақәа ҳамоуп. Рыцҳарас иҟалаз, ареспубликаҿы ас еиԥш аҩаӡара змоу аспециалистцәа ыҟаӡам", — ҳәа иҳәеит ашкол адиректор Михаил Алхазов.

Баранов аремонт сса аҟаҵашьа иазкны алекциа мҩаԥигеит, насгьы иаабац амаругақәа рыла аскрипка абжьы аиӷьтәра шалшо дирбеит.
Ԥхынгәымза 8 асааҭ 14:00 рзы аҟазаратә школ аҿы апианиноқәеи ароиальқәеи рремонти рырхиареи рзы аҟазара-класс мҩаԥигоит.
Аҳҭнықалақь ашкол ааԥхьарала, насгьы акультура аҟәша ацхыраарала урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсныҟа иааит. Урҭ рҭаара зыбзоурахаз Аҟәа имҩаԥгаз Нижни Новгород Амшқәа ирылҵшәахаз акультуратә еимадароуп.
Аҟәеи Нижни Новгороди аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2024 шықәсазы. Лаҵарамза 29 инаркны рашәарамза 1 аҟынӡа аҳҭнықалақь аҿы Нижни Новгород Амшқәа мҩаԥысит.