Аԥсны

Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 12 рзы. Аныҳәа шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит араион акультура аҟәша аиҳабы Амра Булисқьериаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа ирылагоит асааҭ 11:30 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵарала.
Асааҭ 12:00 инаркны амшын аԥшаҳәа еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы ақыҭанхамҩатә аалыҵи анапкымҭақәеи рцәыргақәҵа, Очамчыратәи аҟазаратә школ аушьҭымҭацәа рцәыргақәҵа, асахьаҭыхразы аҟазара-классқәа, амузыка иахьазыӡырҩыша акәакьқәа ҟалоит лҳәеит лара.
Булисқьериаԥҳа лажәақәа рыла, Очамчыра ахадара ашҭаҿы асааҭ 14:00 инаркны 19:00 рҟынӡа хазы иҟалоит ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программа — аҟазара-классқәа, ахыци ахәымпали ашашкеи рзы ахәмаррақәа, аниматорцәа рпрограмма. Иара убас уа инеиуа ахәыҷқәа зегьы хәыда-ԥсада ахаа-мыхаақәа рыдыргалоит.
Аныҳәатә программа хнаркәшоит аконцерт асааҭ 20:00 рзы.
Очамчыра ақалақь амш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза аҩбатәи асабшазы. Сынтәа иара иахыҵуеит 2525 шықәса.