АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Цандрыԥшьтәи ашкол-интернат аҿы Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аатит ҳәа иҳәеит Аҵара аминистрра аматериал-техникатә ҟәша аиҳабы Радам Кәырт-оӷлы.
"Аҭыԥантәи арҵаҩцәеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи рԥышәа еимырдоит, аҟазара-классқәа мҩаԥыргоит, рзанааҭтә дыррақәа рыҩаӡара еиздырҳауеит. Иааидкыланы 250-ҩык инареиҳаны алахәылацәа ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 200-ҩык ашколтә қәра иҭагылоу ахәыҷқәа роуп, егьырҭ арҵаҩцәеи ажәахәҟаҵаҩцәеи роуп", — ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Арегионбжьаратә школ "Ашықәс арҵаҩы" анапхгаҩы Владимир Головнер инаҵшьны иазгәеиҭеит апрограмма адыррақәа апрактикаҿы рхархәара ишазку.
"Ҳара ҳҵаратә программақәа аԥсҭазаараҿы ахархәара роуеит. Арҵаҩцәа зегьы дара рхатә ҟазарҭа ҭыԥқәа дырхиеит, уаҟа аҵаҩцәа аԥсабараҿы ихәарҭоу адыррақәа роуеит: аҳауа ахаҭабзиареи аӡы аилазаашьеи ршәоит, анышә, аминералтә еилазаара, аԥстәқәа, аҵиаақәа ҭырҵаауеит", — иҳәеит иара.
Аԥхынтәи ашкол мҩаԥысуеит ԥхынгәымза 20 рҟынӡа. Уи рхы аладырхәуеит Урыстәыла арегионқәа 49 рҟынтәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи.