Апарламент аҿы иалацәажәеит атуристтә бизнес азҵаара

Sputnik
Жәлар реизараҿы иалацәажәеит атуристтә бизнес аҭышәынтәалара азҵаара. Акомитеттә еилатәара мҩаԥысит адепутат Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрала. Уи Аилатәара аусура рхы аладырхәит Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ахаҭарнакцәа, Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа Рассоциациа «АԥсныГид» ахантәаҩы Беслан Зарданиа.
Еиҳа инарҭбааны аилатәара аихшьаалақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Жәлар реизара адепутат Беслан Ҳалуашь.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.