2015 шықәса инаркны Риҵатәи амилаҭтә парки Гәдоуҭатәи аҵараҟәшеи еицымҩаԥыргоит аекологиатә проект, уи хықәкы хадас иамоуп Аԥсны акырзҵазкуа аԥсабаратә ҭыԥқәа рыхьчареи аҿар рекологиатә хдырра аизырҳареи. Алагер шеиҿкааз, иара иақәшәаз, аусмҩаԥгатә аформати, ас еиԥш иҟоу апроектқәа аҿар рзы хәарҭараз ирымоуи атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, апроект аметодист аеколог-арккаҩы Ренат Абгаџьаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.