Урыстәыла

Sputnik Азербаиџьан аганахьала иҟарҵо ахарадҵақәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иҳәеит Киселиов

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12- Sputnik. Азербаиџьантәи апресса рхеилак Sputnik Азербаиџьан аганахьала иҟанаҵо ахарадҵақәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов.
"Азербаиџьантәи апресса рхеилак иҟарҵо ахарадҵақәа адаул еиԥш иҭацәуп. Sputnik Азербаиџьан аусура аҳәынҭқарра ҵнашәаауан ҳәа ирҳәо ашьақәырӷәӷәаразы ҿырԥштәыкгьы рзаарԥшом ҳколлегацәа", — иҳәеит Киселиов.
Уи аԥхьа азербаиџьантәи Ахеилак урыстәылатәи амедиа аусзуҩцәа "атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа анырра арҭон" ҳәа ахара рыдырҵеит.