Аԥснытәи акурсантцәа арра-патриоттә хәмарра "Зарница 2.0" аҿы еицлабуан

Sputnik
Аԥснытәи акурсантцәа "Афырхацәа қәыԥшцәа раамҭа" захьӡу асменаҿы актәи аҭыԥқәа хәба ааныркылеит. Аицлабра Аладатәи Афедералтә Округ арра-патриоттә хәмарра "Зарница 2.0" араионтә етап аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Арԥарцәа абаҩрҵәыратә, амцарцәаратә, амедицинатә зыҟаҵарақәа рыла аицлабрақәа рҿы иалкаахеит. Дара иара убас аҩбатәи аҭыԥқәа ҩба, ахԥатәи ҭыԥк ргеит, абаҩхатәразы аконкурс аҿы ахьтәы медал ранашьан. Аха ари аицлабрала дара рус хыркәшам, араҟа иаадырԥшыз алҵшәақәа ирыбзоураны, аԥснытәи агәыԥ иазаатыз алшара ҿыцқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит акурсантцәа Вероника Ҳагԥҳаи Аидан Қапбеи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.