Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа еиҭашьақәыргылахоит. Архитектор лыҿцәажәара

Sputnik
Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ақалақь ауааԥсыра зегьы ззыԥшу хҭыс дуны иҟоуп. Аусурақәа нагӡахоит апроект афинанстә цхыраара зхахьы изгаз Москва, Уфа, Казан, Краснодар, Нижни Новгород рҟынтәи аргыларатә еиҿкаарақәа ирыбзоураны. Абаркьылқәеи алашарбагатә шьаҟақәеи еиҭашьақәыргылахоит, ашьаҟауаа рзы ахаҳәҟьаԥс ҿыц ишьҭаҵахоит. Апарктә ҭыԥқәа рҿы ашьапыламҩақәа еиҿыркаауеит, аҟәардәқәа, агәамсамҭрақәа, ахәыҷтәы хәмарҭақәеи аспорттә ҭыԥқәеи шьақәыргылахоит. Ахәаахәҭратә ргыларақәа рзы иаку адизаин-код азгәаҭоуп.
Акомплекстә знеишьа ахатә лыҵшәа амаиур залшом, аха ари аус аҟны аҭыԥантәи аспециалистцәа ргәаанагара иабанӡацклаԥштәу, ҳаԥшаҳәа аҷыдарақәа зеиԥшроузеи, уи ианаалои ианымаалои ҳәа иҟоу арбану, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит архитектор Мадина Ҷкотуаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.