Изакәанымкәа аҵлақәа ԥызҟо рхыԥхьаӡара рацәахеит. Аеколог игәаанагара

Sputnik
Аҟәа ақалақь аҿы изакәанымкәа аҵлақәа рыԥҟара ахылаԥшра дырӷәӷәоит. Уи хылаԥшра азҭало акомиссиа аилатәараҿы ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иазгәеиҭеит аилагарақәа рхыԥхьаӡара шеиҳахаз. Ақалақь аиаҵәаратә фонд аиқәырхаразы аус азнеишьа шԥашьақәыргылатәу, ақалақь аиаҵәара иацу ауадаҩрақеи, шьаҿа-шьаҿа изықәныҟәатәу аԥҟарақәеи ртәы еиҳа инарҭбааны арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, Аекологиазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.