Ишԥацо аԥхын аамҭа аҭыԥантәи анаплакыҩцәа рзы. Акалмаҳааӡарҭа аиҳабы иҿцәажәара

Sputnik
Аԥхын аамҭазы атәыла еиуеиԥшым аобиектқәа русура амҽхак еиҳа идырбаауеит, аԥсшьаҩцәа раара рҽазыҟарҵоит, асезон иааидкыланы еиҳа рҽақәдыршәоит. Дранда аҳаблаҿ иҟоу акалмаҳааӡарҭа аӡбахә ҳҳәозар, аԥсшьаҩцәа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагьы араҟа рыԥсшьараамҭа лассы-лассы ирхыргоит. Акалмаҳааӡарҭа аԥшәма Беслан Гәарамиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, сынтәатәи асезон шцо атәы.
Шшазыӡырҩы аудио.