Аҳҭнықалақь аҿы закәаншьаҭада ишьақәыргылоу аӡыргаратә ргыларақәа рықәгара иацырҵоит. Иабанӡанагоу иахьазы ари азҵаара, ирацәоума азакәанеилагарақәа, аиԥш зеиԥшу аҭагылазаашьа шьақәымгыларц азы иарбан ԥҟарақәоу изықәныҟәатәу, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автондил Сурманиӡе.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.